Жозеп Боррель Ливан даҭаауеит Ливани Израили рҳәааҿы аҭагылазаашьа алацәажәаразы
Жозеп Боррель Ливан даҭаауеит Ливани Израили рҳәааҿы аҭагылазаашьа алацәажәаразы

 

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азы Европатәи ахеилак иреиҳаӡоу ахаҭарнак   Жозеп Боррель Ливан даҭаауеит Ливани Израили рҳәааҿы аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Евроеидгыла иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала,  Боррель арегионалтә ескалациа аҽацәыхьчара ахымҧадара далацәажәоит.

«Ари амиссиа Ҕаза асектор аҿы аҭагылазаашьеи арегион азы уи анырреи  иадҳәалоуп, ҷыдала, Ливани Израили рҳәааҿ аҭагылазаашьеи арегионалтә ескалациа аҽацәыхьчара ахымҧадареи», — иануп аҳәамҭаҿы.

Боррель Ливан дыҟазаауеит амчыбжь анҵәамҭанӡа, иара ливантәи апарламент аспикери, Ливан аҧыза-министри, атәыла адәныҟатәи аусқаә рминистри, Ливантәи арбџьармчқәа рнапхгаҩи дырҧылоит.