АИХ – Ливан аҳҭнықалақьаҿ шәҩыла адемонстрантцәа Америка ацҳаражәҳәарҭа мчыла аҩналара рҽазыркит
АИХ – Ливан аҳҭнықалақьаҿ шәҩыла адемонстрантцәа Америка ацҳаражәҳәарҭа мчыла аҩналара рҽазыркит

Ливан аҳҭнықалақьаҿ шәҩыла адемонстрантцәа Америка ацҳаражәҳәарҭа мчыла аҩналара рҽазыркит. Израильтәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит агәыҧ «Ҳезболла» аҟны аимадара змоу агентра адырра шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррала, аларҵәара зауз авидеоҭыхымҭаҿ иубарҭоуп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа еизаз ауаа палестинатәи ирантәи абираҟқәа шырку. Азинхьчаҩцәа алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит.

Аамҭакала, израильтәи АИХқәа аарыцҳаит Иорданиагьы Палестина адгыларатә демонстрациа шымҩаҧысуа, уи алахәылацәа Израиль ацҳаражәҳәарҭа иҩналар рҭахуп. Азинхьчаҩцәа амч ахархәара рықәшәеит.