Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган лнапынҵақәа шьҭалҵеит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
„Адипломат иаҳасабара 33 шықәса ирылагӡаны ЕАШ сахаҭарнакын, иахьа снапынҵақәа рышьҭаҵара аӡбамҭа сыдыскылеит. Қырҭтәыла ЕАШ ацҳаражәҳәаҩс аҟазаара скариераҿ идуӡӡоу привилегиан.
Ари сара схала исыдыскылаз аӡбамҭоуп. Сеиҳабыра сырхынҳәра аӡбара рыдрымкылаӡацт”, – иануп Робин Данниган иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.