ЕАШ ацҳаражәҳәара аҟынтә Атәылахьчареи Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистррақәа 1.2 миллион америкатә доллар зыԥсоу атехника роуеит
ЕАШ ацҳаражәҳәара аҟынтә Атәылахьчареи Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистррақәа 1.2 миллион америкатә доллар зыԥсоу атехника роуеит

ЕАШ ацҳаражәҳәара аҟынтә Қырҭтәыла Атәылахьчареи Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистррақәа 1.2 миллион америкатә доллар зыԥсоу атехника роуеит. Ари атәы аарыцҳаит ацҳаражәҳәра аҟынтә.

“ЕАШ Қырҭтәыла амассатә нырҵәара абџьар аарԥшреи уи иахылҵуа ашәарҭақәеи рыҿагылара аԥышәа арӷәӷәареи рҿы ацхраауеит. Қырҭтәыла Атәылахьчареи Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистррақәа 1.2 миллион америкатә доллар зыԥсоу атехника раҳҭеит. Ари кыршықәса инагӡо азыҟаҵареи аибыҭареи рпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ҟаҳҵеит. Ақырҭуа ҳпартниорцәеи ҳареи абри еиԥш абџьар аларҵәара ҳаҿагылоит. Ашәарҭадареи атәылахьчареи ахырхарҭақәа рҿы аусеицура аҳәынҭқарра арӷәӷәара адгылоит, Қырҭтәыла ауааԥсыра ршәарҭадара аиӷьтәреи Амшын Еиқәа ашәарҭадара аиӷьтәреи аус хықәкыс измоу,” – иануп ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа аҿы.