ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент - Қырҭтәыла аиҳабыра ауаа рыхәаахәҭра аҿагылара азы иаҭаху астандартқәа рынагӡара иаҿуп
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент - Қырҭтәыла аиҳабыра ауаа рыхәаахәҭра аҿагылара азы иаҭаху астандартқәа рынагӡара иаҿуп

Америка Аҳәынҭқарратә департамент ауаа рыхәаахәҭра иазку аҳасабырба цәырнагеит, аҳасабырбаҿ Қырҭтәылагьы аӡбахәгьы ҳәоуп.

Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра ауаа рыхәаахәҭра аҵыхәаԥҵәаразы иаҭаху аминималтә стандартқәа ирышьашалоит. Аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны, еиԥҟьарадатәи аусура ааршра иабзоураны, Қырҭтәыла Актәи аҩаӡараҿы (Tier 1) иаанхеит.

“Аусура иаҵанакуан аусӡбарақәеи ауаа зҭиуаз ркыдцалареи, агәаҟра иҭагылаза ауаа раарԥшреи, атреикинг аан аԥхасҭа зауз ахаҿқәа рхыҵәахырҭақәа рфинансркра азҳареи. Раԥхьаӡа акәны аӡбарҭақәа ааха зауз рзы афинанстә цхыраара ранаршьеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Иара убас аҳасабырбаҿ иануп арекомендациақәа.

Иара убас, адокумент аҿы иазгәаҭоуп, аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны, Урыстәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоу Қырҭтәыла арегионқәа Қырҭтәыла аиҳабыра рхылаԥшра аҵаҟа шыҟамыз, арҭ арегионқәа рҿы аҭыԥантәи амчрақәа ҳәа изышьҭоу анапхгара Урыстәылатәи амчқәа рыдгылара шрымаз.

“Урыстәылеи Аԥсни рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аԥсны аусура алшара рырымҭеит, аха Аахыҵ Уаԥстәыла арегион аҿы аусуразы алшарақәа еиҳан. Убри аҟынтә, ауаа рыҭира аганахьала аагылазаашьа зеишроу, мамзаргьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа ари афеномен аҿагылара азы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа ирызкны адыррақәа раиура алымшеит. Аха иҳәынҭқарратәм еиҿкаарақәа ишаарыцҳаз ала, ахәаахәҭцәа амигрантцәа Аԥсны мчылатәи аусура иаларгалар ҟалап. Аԥсны аус зуа Аҩадатәи Кореиа атәылауаа мчыла аусура иадҳәалоу аексплуатациатә ҭагылазаашьақәа ирықәшәазар ҟалоит”, – иануп аҳәасабырба аҿы.