ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент - иадемократиатәиу, иқәҿиоу Қырҭтәыла адгылараз иазыхиоуп
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа иаанкылареи Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполитикатә процессқәеи ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа аҿы ишану ала, ЕАШ ишәарҭам адемократиатә, иқәҿиароу Қырҭтәыла адгылара азыхиоуп.
„ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аоппозициатә партиа алидер Ника Мелиеи аоппозициат әпартиақәа рхаҭарнакцәеи раанкылара иадҳәаланы агәынамӡара аанарҧшуеит.
Аполиаризациа змоу ариториа, амч ахархәара, агрессиа Қырҭтәыла аполитикатә аимак аҭыҧқәҵара иаҧырхагоуп.
Аганқәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа арцәгьара зылшо аӡбарақәа рыдрымкыларц, аилацәажәарақәа иалагарц.
ЕАШ ишәарҭам адемократиатә, иқәҿиароу Қырҭтәыла адгылара азыхиоуп“, – иануп аҳәамҭа аҿы.