ЕАШ адгылара змоу кәырдцәа шьамтәылатәи ақалақь Деир Аль-Зор ааныркылеит
ЕАШ адгылара змоу кәырдцәа шьамтәылатәи ақалақь Деир Аль-Зор ааныркылеит

ЕАШ адгылара змоу игылаз кәырдцәа ргәыԥқәа Шьамтәыла мрагыларатә ахәҭаҿы иҟоу ақалақь Деир Аль-Зор ааныркылеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Шьамтәыла аиҳабыратә мчқәеи џьамтәылатәи рыдгылаҩцәеи ақалақь аанрыжьит.

Шьамтәыла аҩада-мрагылараҿ кәырдцәеи егьырҭ аҭыԥантә агәыԥқәеи рыла ишьақәгылоу “Шьамтәыда адемократиатә мчқәа” Исламтәи аҳәынҭқарра аҭархараҿ ароль хада нарыгӡеит.

Иара убас, аларҵәара зауз адыррақәа рыла, кәырдцәа Шьамтәыла-Ираки рҳәааҿ иҟоу апункт Албу Камал ааныркылеит.

Уаанӡа ВВС ишаанацҳаз ала, Шьамтәыла аоппозициатә мчқәа ақалақь Ҳомс аанркылеит.