Аоппозициатә ԥшьпартиак Шьамтәыла алидер иахь ааԥхьара ҟарҵеит аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызхаҵара мап ацәикырц
Аоппозициатә ԥшьпартиак Шьамтәыла алидер иахь ааԥхьара ҟарҵеит аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызхаҵара мап ацәикырц

Аоппозициатә ԥшьпартиак Шьамтәыла алидер Аҳмед Аль-Шаар иахь ааԥхьара ҟарҵеит Урыстәыла ала аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызхаҵара мап ацәикырц.

Ари иазкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит Ника Гварамиеи, Бадри Џьаԥариӡеи Ҭина Бокучавеи.

“Иаҳаракыра Шьамтәыла аҳәынҭқарра алидери шьамтәылатәи ажәлари рахь,

Шәаҳаракыра,

Ҳара, Қырҭтәыла адемократиатә аполитикатә мчқәа шьамтәылатәи жәлар ирыдаҳныҳәалоит шәнапхгарала Башар Аль-Асад игәымбылџьбаратә диктатура аҭархара ахьрылшз. Шәтәылаҿ имҩаԥысуа аиҭакрақәа ҳтәылақәа рыбжьара аусеицуразы аперспектива ҿыцқәа шаадыртуа ҳақәгәыӷуеит.

Ақырҭуа жәлар ҭынч мҩала Кремль адгылара змоу изакәандароу, авторитартә режим иаҿагылоит. Ҳара, Қырҭтәыла иҟоу ашьаҭатәи адемократиатә ԥшьмчык Қырҭтәыла атәылауаа ахақәиҭра аиуреи, адемократиатә тәыла аргылареи рус аҿы ҳрыдгылоит. Шәара шәахь ааԥхьара ҟахҵоит Урыстәыла ала аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла/Цхинвалтәи арегион зхы иақәиҭу аҳәынҭқаррақәа раҳасаб ала рызхаҵара мап ацәышәкырц.

Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла/Цхинвалтәи арегиони зхы иақәиҭу ҳәынҭқарақәас иазхарҵеит Урыстәыла иадгыло адиктатортә режимқәа  – Венесуелеи Никарагуеи. 2018 шықәсазы адиктатор Башар Аль-Асад, Урыстәыла адгылара иаҭакны, Урыстәыла ала аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызхаҵара иӡбеит.

Урыстәыла ала аамҭала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рызхаҵара мап ацәкра ҳтәылақәа ашәышықәсақәа ирылагӡаны ирыбжьоу аиҩызаразы ихырҳагахоит”,  – иануп аҳәамҭа аҿы. Аҳәамҭарнапы аҵарҩит “Акоалициа аԥсахрақәа рзы” – Зураб Гирчи Џьаԥариӡе, “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” Иракли Купраӡе, “Гахариа Қырҭтәылазы” Гьаргь Гахариа, “Иаку амилаҭтә ҵысра” Ҭина Бокучава.