ЕАР ахаҭарнакра – Принятие законопроекта «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адкылара атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи русуреи адемократиа аргылараҿы иҟарҵо алагалеи иаҧырхагоуп
Қырҭтәыла иҟоу ЕАР ахаҭарнакра «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Уаҟа ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР ахаҭарнакра зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект даараӡа иаргәамҵуеит, дара ргәаанагарала, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адкылара атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи русуреи адемократиа аргылараҿы иҟарҵо алагалеи иаҧырхагоуп.
«Қырҭтәыла атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху ауааҧсыра ирыцхраауеит. Атәылауаҩратә уаажәларра аусура астигматизациа амшала, ахҵәацәеи, аинвалидцәеи, аиҵара ахаҭарнакцәеи, абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, аҿари уҳәа, еиуеиҧшым агәыҧқәа
Ари азакәанпроект арҭ ауаа рзинқәа рыхьчара иаҧырхагоуп.
Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР Ахеилак иалахәып, убри аҟынтә, ҳара Қырҭәтыла апарламентахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект иадҳәаланы, акомпетенттә арегионалтәи жәларбжьаратәи органқәа рҟынтә аиуристтә аихшьаала иаҳәарц.
Зыӡбахәы ҳәоу азакәан адкылара амшала, ҳареи Қырҭтәыла аиҳабыреи иҳабжьаҳҵаз Аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАР аусура ҧырхага аиур ауеит.
Ҩажәеижәаба шықәса еиҳаны иҵит ЕАР, Қырҭтәыла априоритетқәа иазҧхьагәаҭаны ари атәыла аҿиара иацхраауеижьҭеи, ҳареи аҭыҧантәи ҳпартниорцәеи ақырҭуа жәлар ҳрыцхраауеит, атәылауаҩратә уаажәларреи амассатә информациатә хархәагақәеигьы нрылаҵаны.
Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ақырҭуа демократиеи Қырҭтәыла аҿиара ацхраареи иаҧырхагахаша ашьаҿақәа раҧыхразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц», — иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАР ахаҭарнакра аҳәамҭаҿы.