Иракли Кобахиӡе - «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект адкылара аӡәгьы дзаҧырхагахом
Иракли Кобахиӡе - «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект адкылара аӡәгьы дзаҧырхагахом

«Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект адкылара аӡәгьы дзаҧырхагахом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, азакәан иаҿагыланы апротест ҟазҵо азинеилагаҩцәа зегьы аҭакҧхықәра агара рықәшәоит, ҷыдала – акулисақәа рҿы зцәызҵәахуа ауааҧсыра.

«Иржьаз, ари азакәан иамыҧхьац, аха, уезгьы еиҭах азакәан иаҿагыло ауаа рыхә ҳшьоит.  «Франклин иклуб» аҿы иржьаз ауаа рыхә ҳшьоит.  Ауаа амчылареи апровокациақәеи рҽаларымгаларц ирыбжьазгоит.  Избанзар, азин еилазго ауаа зегьы азакәан инақәыршәаны ахьырхәра ҕәҕәа роуеит. Аиашаз, арҭ апроцессқәа акулисақәа рҟынтә анапхгара роуеит, акулисақәа рҿы зҽызҵәахуа  ауаа аҭакҧхықәра ҷыда рықәшәоит.   «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект адкылара аӡәгьы дзаҧырхагахом. Европаҟа ҳаҭырла, аартызаарала, ахьыҧшымрала – абри ауп ҳара девизс иҳамоу. Агәра ганы ҳаҟоуп аартызаареи ахьыҧшымреи абзоурала Евроеидгыла алалара шҳалшо. Ҧхьаҟа, Европаҟа, ҳаҭырла», — иҳәеит  Кобахиӡе.