ЕАР аҳасабырба инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Қырҭтәылеи  рҿы   аекономикатә азҳара маҷхоит
ЕАР аҳасабырба инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Қырҭтәылеи  рҿы   аекономикатә азҳара маҷхоит

2023 шықәсазы Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Қырҭтәылеи  рҿы   аекономикатә азҳара маҷхоит, – иануп  ЕАР аҳасабырбаҿы  „Адунеи аекономикатә ҭагылазаашьеи аперспективақәеи  2023“.

Адокумент инақәыршәаны,  2022 шықәсазы адунеи аекономиказы анырра рыман иакымкәа еидҳәалаз ашокқәа  – „Ковид-19“ апандемиеи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, аенергетикатә кризиси, аинфлиациа азҳареи, ауалқәа рызҳареи, аклимат азҵаарақәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыдеи.

Аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, аглобалтә ааглыхра аганахьала 2022 шықәсазы иҟаз 3наӡынатәи арбага  2023 шықәсазы  1,9 наӡынанӡа имаҷхар ҟалап, уи аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа зегьы реиҳа илаҟәу арбагоуп.

ЕАР аҳасабырба инақәырәшаны, Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Қырҭтәылеи  2022 шықәсазы ирымаз арбага 2023 шықәсазы  3,3 наӡынала имаҷхоит.

„Ахәшьараҭара инақәыршәаны,  Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реидгылеи Қырҭтәылеи  2022 шықәсазы ирымаз арбага 2023 шықәсазы  3,3 наӡынала имаҷхоит. Азҧхьагәаҭарақәа инрықәырәшаны,  2023 шықәсазы арегион еизаку арбага  (Украина наламҵакәа) даҽа наӡынак ала имаҷхоит, 2024 шықәсазы  2,3 наӡынала иазҳауеит. Арбагақәа рзы анырра ду амазаауеит аибашьра анагӡара аамҭа“, – иануп аҳасабырбаҿы.