"Грузстат" – Ҧхынгәы азы Қырҭтәыла аекономика азҳаит  5,5%-ла
"Грузстат" – Ҧхынгәы азы Қырҭтәыла аекономика азҳаит  5,5%-ла

Астатистика амилаҭатә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа иаҿаурҧшыр,  2023 шықәса ҧхынгәы азы Қырҭтәыла аекономика азҳаит 5,5%-ла, бжьымзтәи абжьаратә арбага  7,2% иаҟароуп.

«Грузстат» адыррала,  2023 шықәса ҧхынгәы азы аекономикатә азҳара зыбзоуроу аусхкқәа иреиуп афинанстәи аҧгаҧсатәи усуреи, аргылареи, ахәаахәҭреи, азанааҭтәи, аҵарадырратәи, атехникатәи усуреи.