Еҭер Липартелиани  Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медаль лгеит  #1TVSPORT
Еҭер Липартелиани  Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медаль лгеит  #1TVSPORT

Софиа имҩаҧысуа аӡиудо азы Европа ачемпионат аҿы иахьа ҧшьҩык ақырҭуа спортсменцәа еицлабуан, урҭ рҟынтә ҩыџьа афинал ашҟа ииасит.

Еҭер Липартелиани (57 кьыла) аџьазтә медаль лгеит. Ахҧатәи аҭыҧ азы аицлабраан лара ачех  Вера Земанова дылиааин, ари атурнир аҿы Қырҭтәыла аизга актәи амедаль азаалгеит.

Қырҭтәыла аизга иалахәы аӡиудоист аҳәса рҟынтәи Еҭер Липартелиани лоуп Европа ачемпионат аҿы раҧхьаӡа акәны амедаль згаз.