ЕАШ ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини иҭшәаз аформат ала имҩаԥысуаз риҿцәажәарақәа хыркәшоуп.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада иадминистрациа аланарҵәаз адырраҭара рыла, Анкориџь (Алиаска) ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиԥылара ҩ-сааҭки бжаки нагӡон. Америка иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Дарчиев иазгәеиҭеит, ЕАШ-и ҳареи ҳаимадара уажәы аусуратә ҟазшьа амоуп, хықәкыс алҵшәақәа амоуп ҳәа.