Дональд Трамп ишиҳәаз ала, нанҳәа 6 ма 7 рзы Стив Уиткоф Урыстәыла даҭаауеит
ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда нанҳәа 6 ма 7 рзы Стив Уиткоф Црыстәыла даҭаауеит,- ааицҳаит Дональд Трамп.
Трамп иажәақәа рыла, Урыстәыла иеиҭаз жәамштәи аҿҳәара анхыркәшалак, иалагоит асанкциақәа.
“Аха дара асанкциақәа еиларгоит. Стив Уиткоф дҵа хаданы имоуп Газа азҵаара – ауааԥсыра афатә роуроуп. Иҟало иаабап”, – иҳәеит Трамп.
ЕАШ ахада ишазгәеиҭаз ала, аларҵәара аиуит иҭахаз аурыс аруаа рхыԥхьаӡара, ари ахыԥхьаӡара даара идудуп, уи иацҵоит аракетақәа иаахо ақалақьқәа.
“Ари ихшыҩдароу аибашьра ауаа рацәаны иалаӡит. Ишыжәдыруа ала, акымкәа-ҩбамкәа тәылақәа рҿы, иаҳҳәап, Индиа, Пакистан, аибашьра аԥырҟәҟәаара сылшеит, ари аибашьрагьы аҵыхәа ԥҵәара сылшоит”, – иҳәеит Трамп.