Дональд Трамп - Ари амш Урыстәылеи Украинеи рзы ихаоу мшны ҟалар алшоит
ЕАШ ахада Дональ Трамп иацы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызкны абри еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵеит. Трамп иажәақәа рыла, “ари амш Урыстәылеи Украинеи рзы ихадароу мшны ҟалар алшоит”.
“Ари амш Урыстәылеи Украинеи рзы ихаоу мшны ҟалар алшоит! Зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаара еиқәхоит, ашьакаҭәара аанкылап ҳәа ҳгәыӷуеит. Иаҳа еиӷьу, иаҳа иҿыцу адунеи еиҿкаахоит. Ари ҳалшар аҩганк рҟны аусеицура насыгӡоит””, -иҩит Трамп.
ВВС аинформациа ала, Трамп иҳәамҭа иаанаго цқьа узеилкаауам.
Лаҵара 10 рзы Киев имҩаԥгаз “Аҭахцәа ркоалициа” аиԥылара ашьҭахь хәҩык алидерцәа – Украина ахада Володимир Зеленскии Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци, Франциа ахада Еммануель Макрони, Британиа Ду аԥыза-министр Кир Стармери, Польша аԥыза-министр Дональд Туски ишаарыцҳаз, Украина лаҵара 12 инаркн 30 мшы ирылагӡаны ахымца аанкылара иазыхиоуп. Трамп ари ажәалагала дадгылеит.
Владимир Путин Украина лаҵара 15 рзы Сҭамԥыл аиҿцәажәарақәа реиҭалагара адигалоит.