Дмитри Кулеба жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Урыстәыла аҳәара азықәдыргыларц зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы,  арҽеиратә бригадақәа Чернобыльтәи АЕС аҿы аусура алагара рылшарц азыҳәан

Урыстәылатәи ар рнапаҿы иҟоу Чернобыльтәи АЕСи уи аиадертә обиектқәеи   афымцала еиқәзыршәо амҩангага заҵәы ҧхасҭоуп. Чернобыльтәи АЕС фымцада иаанхеит», — иҩит  Twitter аҿы Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба.

Кулеба жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәыла аҳәара азықәдыргыларц зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы.

«Сара жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟасҵоит   Урыстәыла аҳәара азықәдыргыларц зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы,  арҽеиратә бригадақәа 48  сааҭ рыҩнуҵҟала Чернобыльтәи АЕС афымцала аиқәыршәара еиҭашьақәдыргыларц. Мамзар, аиадертә былтәы ашьҭаҵарҭақәа зырхьшәашәо асистема аусура иаҟәыҵыр, арадиациа ацәцара иалагоит. Путин дызлагаз аварвартә еибашьра Европа зегьы азы шәарҭоуп. Иара зыҧшра ҟамҵакәа даанкылатәуп», — иҩит Кулеба.