Дмитри Кулеба – Конгресс алахәылацәа иаамҭаны иҳарымҭаз арратә цхыраара Урыстәыла аҵархаразы иазхом  
Дмитри Кулеба – Конгресс алахәылацәа иаамҭаны иҳарымҭаз арратә цхыраара Урыстәыла аҵархаразы иазхом  

Конгресс алахәылацәа иаамҭаны иҳарымҭаз арратә цхыраара Урыстәыла аҵархаразы иазхом, – иҳәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба.

Иара мраҭашәаратә аидгылаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украиназы ацхыраара аизырҳара амзызла арратә ааглыхра дырҭбаарц.

«Хазы иҟоу иарбанзаалак ацхырааратә пакет аурысцәа изааннакылом. Урыстәыла аанызкыло акоуп – Украинеи уи апартниорцәеи иаку рфронт», — иҳәеит  Дмитри Кулеба.

Кулеба Мраҭашәарахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина еиҧшҵәҟьа, даргьы арратә ааглыхра дырҭбаарц, избанзар, украинаа аҳаирхыхьчаратә системақәа анырзымхо аамҭазы, Урыстәыла жәантә еиҳаны абџьар ҭнажьуеит.

Америкатә Сенат  Украинеи, Израили,  Таивани рзы ацхыраара апакет иадгылеит.