Девид О'Салливан иҳәмҭала, Евроеидгыла аӡбарала, анефҭ терминал Кулеви асанкциақәа 20-тәи апакет ианылом
Евроеидгыла алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу анефҭ терминал Кулеви Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 20-тәи апакет ианырымҵеит. Ари атәы иануп асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Девид О’Салливан Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили илзааишьҭыз ашәқәы аҟны.
«Иааиуа амшқәа рзы Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәыргылараны иҟоу асанкциақәа ҩажәатәи апакет иадҳәаланы 2026 шықәса жәабран 18 Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ирзаашәышьҭыз ашәҟәы азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Уажәазы Евроеидгыла еиқәнаршәаз асанкциатә сиа иануп 605 аҕбақәа. Ҩажәатәи апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны ари асиа даҽа 40 раҟара аҕбақәа ацлоит.
Қырҭтәыла иҟоу анефҭ терминал Кулеви асанкциақәа 20-тәи апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳахәаҧшуан ари атерминал урыстәылатәи анефҭ амшынла амҩангараҿы инанагӡо ароль амшала. Аха, шәтәыла аиҳабыреи абаҕәаза аоператори аҧхықәрақәа анырга ашьҭахь ари апозициа ҳаиҭахәаҧшит. Шәтәыла аиҳабыра асанкциақәа ззышьақәыргылоу аҕбақәа шәбаҕәазақәа ишырҭамло азы аҭакҧхықәра ргеит, ҳара уи ҳазыразуп. Убри аҟынтә, абаҕәаза Кулеви асанкциақәа 20-тәи апакет ианҵатәым ҳәа ҳаӡбеит.
Шәҽазышәарақәа рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, ҳусеицура анагӡара сахыццакуеит», — иануп ашәҟәы аҟны.