Девид О'Салливан - Евроеидгыла иалам атәылақәа Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанкциақәа рықәныҟәара ируалым
«Асанкциақәа Урыстәыла аекономиказы анырра ду рымоуп», — иҳәеит асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Девид О’Салливан.
«Сара аоптимизм сылоуп. Асанкциақәа Урыстәыла аеконмоиказы анырра ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. 2026 шықәсазы ари апроцесс аҭышәынтәалара анацәыӡуа акәаҧ аҟынӡа ҳнеир ҟалап», — иҳәеит О’Салливан агазеҭ The Guardian аинтервиу аҿы.
Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла иалам атәылақәа Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанкциақәа рықәныҟәара ируалым.
Асанкциақәа рывсра даналацәажәоз О’Салливан ишиҳәаз ала, атәылақәа реиҳабырақәа ракәымкәа, алшара дуқәа збо, аҧара ду зырҳауа аекономикатә операторцәа роуп бжеиҳарала ари апроцесс иалахәы.