Девид О'Салливан – Агәра ҳгеит Қырҭтәыла анапхгара атәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара амамзаарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭрала ишазныҟәаз
Девид О'Салливан – Агәра ҳгеит Қырҭтәыла анапхгара атәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара амамзаарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭрала ишазныҟәаз

Агәра ҳгеит Қырҭтәыла анапхгара атәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара амамзаарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭрала ишазныҟәаз,  иҳәеит  асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда   Девид О’Салливан Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟанаҵоит аекспорттә хылаҧшра ахырхарҭала.

«Сара Қарҭ саҭааит америкатәи британиатәи коллегацәа срыцны. Ҳара атәыла анапхгара ҳарҧылеит.  Азеиҧш контекст жәдыруеит ҳәа сгәы иаанагоит.  Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа, жәларбжьаратәи аиҩызара Урыстәыла зеиҧшҟамлац асанкциақәа азышьақәдыргылеит.  Арҭ асанкциақәа рыла Урыстәыла анапхгара  аибашьра зламҩаҧырго ахашәала рымамзар ауп иаҳҭаху.  Лымкаала, ҳара аибашьразы иаҭаху аелектронтә тауарқәа 38 хкы роуп бжеиҳарала ҳазлацәажәо.  Ари аалыҵ азы ишьақәыргылоу асанкциақәа рывсра ҷыдала ҳаргәамҵеит.  Убри амшала ҳара аҵыхәтәантәи аамҭазы иакымкәа атәылақәа ҳарҭааит.   Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнамыргылеит, ҳара уи ҳгәамҧхеит, избанзар, ари атәыла Евроеидгыла иалалар аҭахуп.  Ҳадәныҟатәи политика еиҧшызар ҳҭахуп, аха, иара убас, шәтәыла аҭагылазаашьа шҷыдоу еилаҳкаауеит.  Ҳсанкциақәа рҽалархәра ргәы ишҭам еилаҳкаауеит.

Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы иаабаз аҟынтә еилаҳкааз акоуп. Агәра ҳгеит Қырҭтәыла анапхгара атәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара амамзаарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭрала ишазныҟәаз. Қырҭтәыла зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟанаҵоит аекспорттә хылаҧшра ахырхарҭала. Сара аргама исҳәар сҭахуп ҳара аусеицура арҕәҕәаразы абрахь ҳшааиз.  Лымкаала, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи аусхәаҧштә рымоуп. Асанкциақәа ирызку азҵаара ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа ирҧырхагахар ҳҭахым.  Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы иаабаз уи еиҧш ашьаҭа ҳнаҭом, уи даараӡа сеигәырҕьоит,  ҳара агәалаҟазаара бзиала шәтәыла ҳақәҵуеит», — иҳәеит  Девид О’Салливан.