Девид Лемми – Қырҭтәыла анапхгара европатәи адемократиатә нормақәа реилагара иаҟәыҵаанӡа, Британиа Ду Қырҭтыла аиҳабыра рзы иазҧхьагәаҭаз апрограмматә цхыраара зегьы ааннакылоит, атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицуреи «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра рҟны аимадареи иаҟәыҵуеит
«Қырҭтәыла анапхгара европатәи адемократиатә нормақәа реилагара иаҟәыҵаанӡа, Британиа Ду Қырҭтыла аиҳабыра рзы иазҧхьагәаҭаз апрограмматә цхыраара зегьы ааннакылоит, атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицуреи «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра рҟны аимадареи иаҟәыҵуеит», — ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Девид Лемм.
«Ақырҭуа напхгара адемонстрантцәеи ажурналистцәеи ирҿагыланы имҩаҧырго амчылара ҳгәы ҧнажәоит, амчылара аанкылатәуп.
Абарҭ ашьаҿақәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Қырҭтәыла ахьӡ ладырҟәоит, европатәи аҧеиҧш аганахьала Қырҭтәыла иаду аконституцатә ҧхықәрақәа ирышьашәалам.
Қырҭтәыла анапхгара европатәи адемократиатә нормақәа реилагара иаҟәыҵаанӡа, Британиа Ду Қырҭтыла аиҳабыра рзы иазҧхьагәаҭаз апрограмматә цхыраара зегьы ааннакылоит, атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицуреи «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра рҟны аимадареи иаҟәыҵуеит
Британиа Ду ақырҭуа жәлар ирыдгылоит», — иҳәеит Девид Лемми.