Денис Шмыгаль - Қырҭтәылеи Украинеи ахырхарҭақәа зегь рыла астратегиатә партниорра аҿиара нарыгӡоит, ҳара ҳзы априоритет амоуп Нато аҟны аусеицура амеханизм арҵаулара 
Денис Шмыгаль - Қырҭтәылеи Украинеи ахырхарҭақәа зегь рыла астратегиатә партниорра аҿиара нарыгӡоит, ҳара ҳзы априоритет амоуп Нато аҟны аусеицура амеханизм арҵаулара 
Жәларбжьаратәи аҩаӡараҿ ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, Қырҭтәылеи Украинеи Евроеилгылеи Натои рахь алалара апроцесс арццакразы акоординациа азҵаарақәа, – иҳәеит Украина аԥыза-министр Денис Шмыгаль Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференци аҿы.

Украина аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Украинеи Натои Евроеидылеи ралалара ауп зықәкыс ирымоу.

“Ҳара ҳзы априоритет амоуп Нато аусицура амханизмқәа рырҵаулара иазку азҵаарақәа. Евроеинтеграциа ахырхарҭала ҳусеицура иацҵоу механизмны ишьаҭаркуп ассоциациатә трион – Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовет рформат. Иашьашәалоу адекларациа анапы аҵааҩит ԥхынгәы 19 рзы, Баҭым. Қырҭтәылеи Украинеи ахырхарҭақәа зегь рыла астратегиатә партниорра аҿиара нарыгӡоит, ҳара ҳзы априоритет амоуп Нато аҟны аусеицура амеханизм арҵаулара. Ҳусеицура алҵшәақәа 2021 шықәса анҵәамҭазы, иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ астратегиатә хеилак аинаугурациатә еилатәараҿ иаабап ҳәа сгәыӷуеит,” – иҳәеит Шмыгаль.