Давиҭ Сонҕулашвили Жәыргьыҭ иҟоу араса аус адуларатә наплакы даҭааит
Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвили Жәыргьыҭтәи амуниципалитет иаҵанакәа Ингири ақыҭаҿ иҟоу араса аус адуларатә еилахәыра «Jima Nuts» даҭааит. Аминистр ицын ари арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Давиҭ Веравеи Ақыҭа аҿиара агентра адиректор Гьаргь Дарчиашвилии.
Зыӡбахәы ҳәоу араса аус адуларатә еилахәыра «Jima Nuts» аусура иалагеит 2020 шықәсазы, Ақыҭа аҿиара агентра апроект «Азинҷыдатә агрокредит» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Араҟа аус руеит 35ҩык аҭыҧантәи ауааҧсыра.
2022 шықәса инаркны ари аилахәыра ахатә аалыҵ Азиеи Африкеи атәылақәа рышҟа идәықәнаҵоит.
Апроект «Азинҷыдатә агрокредит» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара анаплакҩцәа ирыҭан 80 миллион лари еиҳаны акредитқәа.