Давиҭ Сонҕулашвили,  Венгриа иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ақыҭанхамҩа аминистр  Иштван  Надь диҧылеит
Давиҭ Сонҕулашвили,  Венгриа иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ақыҭанхамҩа аминистр  Иштван  Надь диҧылеит

Аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр  Давиҭ Сонҕулашвили,  Будапешт,  Венгриа ақыҭанхамҩа аминистр  Иштван Надь диҧылеит.

Давиҭ Сонҕулашвили  венгриатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс адгылареи ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аусеицуреи азыҳәан.

Венгриа Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы,  аганқәа рхаҭарнакцәа,  аусеицура арҭабааразы иҟоу алшарақәа зегьы ирылацәажәеит.

«Ҳтәылақәа аусеицуразы апотенциал ду рымоуп  — ақыҭанхамҩа инновциақәеи ахәаахәҭреи  индыркны аекологиатә ҭышәынтәалара аҟынӡа. Ҳпартниорра арҭбааареи,  ҳуникалтә алшарақәа еффективла рхархәареи ала,  ҳара ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи хырҳагара ду рзаазгаша зеиҧшҟамлац алҵшәақәа ҳаур ҳалшоит», — иҳәеит  Давиҭ Сонҕулашвили.

Венгриа ақыҭанхамҩа аминистр  Иштван Надь  Давиҭ  Сонҕулашвили ари авизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла ақыҭанхамаҩа аҿиаразы апотенциал ду амоуп.

Қырҭтәыла ақыҭанхамҩа аминистр Давиҭ Сонҕулашвили венгриатәи иколлега Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.