Дамаск иҟоу Џьамтәыла аконсулра ажәылара иахҟьаны, Тегеран арбџьармчқәа ажәылара азыхиазаара аӡбара аднакылеит
Дамаск иҟоу Џьамтәыла аконсулра ажәылара иахҟьаны, Тегеран арбџьармчқәа ажәылара азыхиазаара аӡбара аднакылеит

CBS News аинформациа ала, Дамаск иҟоу Џьамтәыла аконсулра ажәылара иахҟьаны, Тегеран арбџьармчқәа ажәылара азыхиазаара аӡбара аднакылеит.

Аих адыррақәа рыла, ЕАШ аԥшыхәра амоу адыррақәа рыла, Џьамтәыла иаҭакны ажәылара амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵара иаҿуп.

Мшаԥы 1 азы Израиль арратә ҳаирпланқәа Дамаск иҟоу Џьамтәыла аконсулра аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, иҭахеит 13-ҩык.

Мшаԥы 2 рзы Џьамтәыла Израиль авиажәылара ахаранаҵан, иаҭакны ажәылара шымҩаԥнаго аанацҳаит. Џьамтәыла ахада Ибрагима Раиси иажәақәа рыла,  Дамаск иҟоу Џьамтәыла аконсулра аганахьала Израиль имҩаԥнагаз аракетатә жәылара аҭакда иаанхом.