CNN – Урыстәыла ала Украина аҳәаашҟа инагоуп иҵегьы  7000ҩык арратә маҵзуҩцәа
CNN – Урыстәыла ала Украина аҳәаашҟа инагоуп иҵегьы  7000ҩык арратә маҵзуҩцәа

Урыстәыла ала Украина аҳәаашҟа инагоуп иҵегьы  7000ҩык арратә маҵзуҩцәа. CNN ари аинформациа аланарҵәеит Америка аофициалтә хаҭарнак идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аофициалтә хаҭарнак иажәақәа рыла, арбџьармчқәа рацҵара алагьы иубарҭоуп Урыстәыла арбџьармчқәа ралгара иазкны иҟаҵаз аҳәамҭа шиашам.

«Уажәазы иҳамоу адыррақәа зегьы рыла иубарҭоуп дара адиалоги адеескалациеи  иазкны аргама аҳәамҭақәа мацара шыҟарҵо, иҵабыргны аибашьразы аҽазыҟаҵара иаҿуп», —  иҳәеит америкатә ачинҳаракҩы.

Иара иҳәамҭала, аекспертцәа зегьы азгәарҭеит Москва уажәгьы ақәмақарра ишаҿу,  Украинеи Беларуси рҳәааҿы 150 нызқьҩык иреиҳаны аурыс арруаа шгылоу. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла, ажәыларазы иарбанызаалак амзыз рхы иадырхәар ауеит.

Америка аофициалтә хааҭарнак ишазгәеиҭаз ала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа нагӡахоит.