Чехиа Александр Дарахвелиӡеи, Коба Чагунавеи, Нино Галусташвилии, Михаил Џьинџьолиеи, Лаша Котрикаӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Чехиа Александр Дарахвелиӡеи, Коба Чагунавеи, Нино Галусташвилии, Михаил Џьинџьолиеи, Лаша Котрикаӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит

Чехиа хәҩык Қырҭтәыла атәылауаа: Александр Дарахвелиӡеи, Коба Чагунавеи, Нино Галусташвилии, Михаил Џьинџьолиеи, Лаша Котрикаӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.

Чехиа АдәАР аинформациала, арҭ ахаҿқәа аҿагыларатә акциақәа раан аҭыԥ змаз амчылара иалахәын.

Асанкциақәа изышьақәдыргылеит АҩА рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Дарахвелиӡеи, аӡбаҩцәа: Коба Чагунавеи, Нино Галусташвилии, Михаил Џьинџьолиеи, апрокурор Лаша Котрикаӡеи.

Асанкциақәа рсиа иалоу ахаҿқәа Чехиа аҭаара зин рымам.

Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Иан Липавски иажәақәа рыла, абри аҩыза аӡбамҭақәа рыдыркылахьеит Британиа Ду, Америка, Украина, Литва, Латвиа, Естониа. Аха, Иан Липавски  ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә усзуҩцәа асанкциақәа рзықәыргыларазы Евроиқәылараҿы макьана аконсенсус ыҟам.