Чернобыльтәи арыцҳара инаркны  37 шықәса ҵит
 Чернобыльтәи арыцҳара инаркны  37 шықәса ҵит

Чернобыльтәи арыцҳара инаркны  37 шықәса ҵит. Ари арыцхә инамаданы, украинатәи ақалақь Славутич имҩаҧган агәаларшәагатә уснагӡатәқәа. Чернобыльтәи АЕС ҧасатәи аусзуҩцәа иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

37 шықәса раҧхьа атомтә станциа аҧшьбатәи аблокаҿ иҟалаз амашәыр амшала аиадертә аҧжәара ҟалеит.  Аҧжәара иахылҵыз арадиациатә аҧҭақәа Европа аиҳара иахыҵәеит.

Амашәыраан аҭыҧаҿ иҭахеит  31ҩык,  115 000ҩык иҭахеит арадиациа амшала ироуз ачымазарақәа рыла.