Бухарест ахада, зхы иақәиҭу акандидат Никурош Дан Румыниа имҩаԥысыз апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит
Бухарест ахада, зхы иақәиҭу акандидат Никурош Дан Румыниа имҩаԥысыз апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла Никушор Дан абжьқәа 54,34% иоуит, аультра арӷьаратәи акандидат Џьорџье Симиона — 45,66%.
Иԥхьаӡоуп абжьқәа 99%. Алхрақәа рахь инеит 11,64 миллионҩык румынаа.
Румынтәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаҧган 2024 шықәса абҵаразгьы. Усҟан аиааира игеит ихьыҧшым акандидат Калин Џьорџьеску, аха, Румынтәыла Аконституциатә аӡбара ала алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыхын.