Бундестаг алахәылацәа Германтәыла канцлерс Фридрих Мерц далырхит
Бундестаг алахәылацәа Германтәыла канцлерс Фридрих Мерц далырхит

Бундестаг алахәылацәа Германтәыла канцлерс Фридрих Мерц далырхит, Мерц икандидатура иадгылеит 325-ҩык, иаҿагылеит 289-ҩык.

Аӡәы ихы никылеит, хҩык рыбжьқәа иҵабыргым ҳәа рыԥҳьаӡеит.

Актәи атур аҿы Фридрих Мерц 316 бжьы реизгара илымшеит. Иара фҩык адепутатцәа рыбжьы игын.