Британиатә аԥшыхәра аинформациа ала, урыстәылатәи мчқәа Бахмут аҿы ақәҿиарақәа рымоуп, ақалақь ацентр ахь рхы рхоуп
Урыстәылатәи мчқәа Бахмут аҿы ақәҿиарақәа рымоуп, ақалақь ацентр ахь рхы рхоуп, – ари иануп Британиатәи Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә дыррақәа рҳасабырба аҿы.
Британиатә аԥшыхәра аинформациа ала, аурыс аруаа аӡиас Бахмутка мраҭашәарахьтәи агаҿа ааныркылеит, Бахмут мраҭашәарахьала иҟоу украинатәи ар аиқәыршәара ацәаҳәа хада ашәарҭа иҭагылоуп. Британиатәи Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә дыррақәа рыла, урыстәылатәи арратә хәҭақәа, урҭ иреиуп адесанттә гәыԥқәа, атериториа дырӷәӷәеит, ари асектор аҿы аурыс иманшәаланы артиллериагьы рхы иадырхәоит.
Британиатәи аԥшыхәратә дыррақәа рыла, “Вагнер” агәыԥқәеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи ирыбжьаз аимак ихыркәшоуп, уажәы урҭ русеицура еиӷьхеит.