Британиа Ду, урыстәылатәи акибержәыларақәа рҽацәыхьчаразы Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит 5 миллион афунт стерлинг
Британиа Ду, урыстәылатәи акибержәыларақәа рҽацәыхьчаразы Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит 5 миллион афунт стерлинг. Британиа ду аҧыза-министр Борис Џьонсон ари ҳәамҭа ҟаиҵеит Мадрид имҩаҧысуа асаммит аҿы.
Британиа ду аиҳабыра рофициалтә саит иану аинформациа инақәыршәаны, афинанстә цхыраара ҿыц Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадра амаҵзура иацхраауеит акибершәарҭадара астратегиа ҿыц анагӡараҿы.
Иара убас, Британиа Ду ишишо Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аус ацнауеит акиберхыахьчра аиҕьтәреи алшарақәа реизырҳареи азы.
«Ақырҭуаа урыстәылатәи агрессиа афронттә цәаҳәаҿы инхоит. Путин, ихатә кибералшарақәа реизырҳаразы, ихьыҧшым Қырҭтәыла аинститутқәа рхархәара азин иаҳамҭароуп», — иҳәеит Борис Џьонсон НАТО асаммит аҿы.
Британиа Ду аиҳабыра ринформациала, Урыстәыла анапхгара, кыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл рхы иадырхәоит рхатә кибералшарақәа рҧышәаразы.