Британиа Ду Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднамкылеит Заза Оқуашвили ишшбӷьыцқәа ҩба Биӡина Иванишвили иҿагыларазы
Британиа Ду Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднамкылеит Заза Оқуашвили ишшбӷьыцқәа ҩба Биӡина Иванишвили иҿагыларазы

Британиа Ду Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднамкылеит Заза Окуашвили Қырҭтәыла ԥыхьатәи аԥыза-министр Биӡина Иванишвили иҿагыланы инаишьҭыз ҩ-зыҳәамҭак. Хыхь иаагоу аӡбамҭа Британиа Ду Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит ианылеит.

Аӡбарҭа ақәҵараҿы ишазгәаҭоу ала, аусеилыргараҿы аҭакҟаҵаҩцәа рҟоуп Биӡина Иванишвилии, еилахәыра “Қарҭтәи аҭаҭыни”, абизнесмен  Вано Чхартишвилии.

“Азыҳәамҭа адымкыларазы ҵаҵӷәыс иаарԥшуп Аӡбарҭа аиуристтә уадаҩрақәеи азакәантә процесс аҿы иалкааз агхақәеи. Аӡбаҩ Раџа ишииӡбаз ала, ацәгьахәыцра, аполитикатә ршәара, акорпоративтә саботаж ирызку азыҳәарақәа рыхәаԥшра Британиа ду аҿы  иҟалом”.

«Аӡбаҩ иҟаиҵаз аӡбарала, аӡбарҭа Окуашвили Британиа ду аҿы изакәанытә қәԥара аанкылоит, аха азакәантә ҭахрақәа нарыгӡазар, хазы азакәантә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара алшара ааннажьуеит», – иануп аӡбарҭа аҳәамҭа аҿы.