Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Гаррет Уорд Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа дааԥхьоуп
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Гаррет Уорд Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа дааԥхьоуп.
Ацҳаражәҳәаҩ адәныҟатәи аусҳәарҭашҟа днеихьеит, аха АИХқәа рхаҭарнакцәа дырмацәажәеит.
Иацы, цәыббра 24 рзы адәныҟатәи аусҳәарҭашҟа дааԥхьан Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер.
“Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳҳәеит Венатәи аконвенциа инақәыршәаны адипломатиатә миссиа аусзуҩ иара дахьыҟоу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ишиуалу”, — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аинформациаҿы.