Британиа ду ацҳаражәҳәара - Иҳәынҭқарратәым быжь еиҿкаарак рбанктә аԥхьаӡарақәа рбаандаҩтәра арҭ еиҿкаарақәа рҿеихакра ауп хықәкыс иамоу, иара убас аполитикатә ашьаҭа амоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит
Агәҭынчымра ааҳарԥшуеит иҳәынҭқарратәым быжь еиҿкаарак рбанктә аԥхьаӡарақәа рбаандаҩтәра иадҳәаланы, ари арҭ еиҿкаарақәа рҿеихакра ауп хықәкыс иамоу, иара убас аполитикатә ашьаҭа амоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоц Британиа ду ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿ.
Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла анапхгара рахь арепрессиатә закәанԥҵара аԥырхырц, атәылауаҩратә уаажәларра ркыдцалара иаҟәыҵырц, акризис аҟынтә алҵразы амҩа аԥшааразы аинтерес змоу аганқәа зегьы рҟны аиҿцәажәара иалагарц ааԥхьара ҟарҵоит.