Британиа Ду акороанвирус даҽа хкык аадырҧшит
Британиа Ду акороанвирус даҽа хкык аадырҧшит

 

«Британиа Ду акоронавирус  даҽа хкык аадырҧшит», — аанацҳаит  BBC.

Британиа Ду агәабзиарахьчара аминистр Метт Ҳенкок иҳәамҭала,  60 раҟара аҭыҧантәи анапхгарақәа ишьақәдырҕәҕәеит акоронавирус ахкҿыц иахылҵыз аинфекциа шыҟоу. Ҳенкок иҳәамҭала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адырра арҭахьеит, уажәазы шьаҭанкылатәи аҭҵаарақәа мҩаҧысуеит.

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла,   акоронавирус ахкҿыц иаҳа ишәарҭоуп ҳәа  аларҵәара зауз аинформациа ашьаҭа аҵам.