Британиа Ду "Аконсервативтә партиа" алахәылацәа алидер ҿыци аҧыза-министр ҿыци далырхуеит цәыббра алагамҭазы
Британиа Ду "Аконсервативтә партиа" алахәылацәа алидер ҿыци аҧыза-министр ҿыци далырхуеит цәыббра алагамҭазы

Британиа Ду “Аконсервативтә партиа” алахәылацәа алидер ҿыци аҧыза-министр ҿыци далырхуеит цәыббра алагамҭазы. Ари атәы аанацҳаит аҭыжьымҭа  «Financial Times».

Борис Џьонсон Британиа Ду аҧыза-министр инапынҵақәа наигӡоит адидер ҿыц далырхаанӡа.

Алидер ҿыц иалхра аплани аҿҳәарақәеи еилкаахоит анеҩстәи амчыбжь азы.

Аҧыза-министр иҭыҧ аанызкылар зҭаху кандидатцәақәак цәырҵхьеит.  Урҭ дреиуп апрокурор хада  Суела Бреиверман. Иара убас, «Аконсервативтә партиа» аҟынтә адепутат, ҧасатәи аминистр  Стив Беикер ишиҳәаз ала, аколлегацәа иҳәеит иара алидер иҭыҧ дазықәҧарц, аха, аофициалла макьана икандидатура иқәирмыргылацт.

Иҳаҩсыз амшқәа рзы, апротест ҟаҵаны,  Борис Џьонсон икабинет иалҵит аминистрцәеи ачинуааи рацәаны,  дара ишырҳәаз ала,  Борис Џьонсон аус ицура рҭахым.  Ари апротест асексуалтә ҭыӡшәа иадҳәалоуп,  Борис Џьонсон  уи азы аҭамзаара шьҭеиҵеит.

Аиҳабыра алахәылацәа рнапынҵақәа рышьҭаҵара иалагеит апарламент аҿы  «Аконсервативтә партиа» алахәыла  Крис Пинчер идҳәалоу асексуалтә ҭыӡшәа амшала.  52 шықәса зхыҵуа аполитик  лондонтәи  аелитатә клубк аҿы, аҩыжәны ақәҧара далагеит, нас  ҩыџьа ахацәа ихҭеикит.  Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ишеилкаахаз ала,  Борис Џьонсон идыруан Крис Пинчер уаанӡагьы асексуалтә ашьҭазаара шихарарҵоз, аха, уезгьы, амаҵзураҭыҧ ду ииҭеит. Борис Џьонсон ишиҳәаз ала, Крис Пинчер аиҳабыраҿы аусура дахьалаиргаз дахьхәоит.