Bloomberg – Швеицариа даҽа 1,8 млрд адоллар урыстәылатәи активқәа иарҵааит
Bloomberg адыррақәа рыла, Швеицариа даҽа 1,8 млрд адоллар урыстәылатәи активқәа иарҵааит, убри абзоурала, ирҵаау урыстәылатәи активқәа реицҵалыҵ 8,4 млрд адоллар аҟынӡа ишьҭыҵит.
Лымкаала, Bloomberg адыррала, Швеицариа Апрокуратура хада Урыстәыла иаҿагыланы ашьауҕатә ус хьацнаркит асанкциақәа реилагаразы, абри ауп урыстәылатәи активқәа аамҭала рҵаара зыхҟьаз.