Биниамин Нетаниаҳу  - Ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит
Биниамин Нетаниаҳу  - Ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит

«Ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит», — иҳәеит Израиль аҧыза-министр  Биниамин  Нетаниаҳу атәыла аладатәи аҳәаа иазааигәоу анхарҭатә пунктқәа рнапхгаҩцәа данырҧылоз.

«ҲАМАС акаамеҭ иақәҳаршәоит. Ҳара уажәоуп ҳаналаго. Сшәыҳәоит шәыҽшәырҕәҕәарц, избанзар, ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит», — иҳәеит  Нетаниаҳу.

Жьҭаара 7 рзы рзы, ашамҭазы, Ҕаза асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала аракетақәа дәықәҵан. Ажәыларазы аҭакҧхықәра агеит ҲАМАС. Израиль арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп.