Биниамин Нетаниаҳу  - Ҳамас амшала, акыраамҭалатәи аибашьра цәгьа ҳҽалаҳгалоит
Биниамин Нетаниаҳу  - Ҳамас амшала, акыраамҭалатәи аибашьра цәгьа ҳҽалаҳгалоит

Израиль аҧыза-министр иофис аинформациа инақәыршәаны, атәыла аиҳабыра,  «Ҳамаси Палестинатәи автономиа анапхгареи рырратә алшарақәа рықәхра иазку аоперативтә аӡбарақәа рыдыркылеит».

«Ҳамас амшала, акыраамҭалатәи аибашьра цәгьа ҳҽалаҳгалоит. Ҳҵакырадгьыл иажәылаз Ҳамас аибашьра аҽалагалара ҳаднацалеит. Анеҩстәи асааҭқәа рзы актәи афаза хыркәшахоит, аҕа имчқәа реиҳара иқәаҳхуеит. Аамҭакала, еиҧҟьарада ажәылара ҳалагоит, ҳхықәкы хада наҳагӡаанӡа ақәҧара ҳаҟәыҵуам», — иҳәеит Израиль аҧыза-министр  Биниамин Нетаниаҳу.

Израиль аҧыза-министр иҳәамҭала, Израиль хықәкыс иамоуп Ҳамас алшарақәа зегьы раҧыхра, дара уаҳа ахаангьы Израиль ауааҧсыра ҧырхагара рзаагара рылымшаратәы.

«Ҳара Израиль ауааҧсыра ршәарҭадара еиҭашьақәыргыланы, аиааира ҳгоит», — иҳәеит  Нетаниаҳу.

Израиль аҧыза-министр иусмҩаҧгарҭа аҳәамҭа ишану ала, атәыла анапхгара ирыдыркылаз аӡбарақәа иреиуп Ҕаза асектор афымцеи, абылтәи, атауарқәеи рыла аиқәыршәара аҟәыҵра.