Биӡина Иванишвили - Жьҭаара 4 рзы зегьы идҳарбар ҳалшоит ҳақәԥара алхырҭақәа рышҟа анеиреи, зхы иақәиҭу алхра аҟаҵареи, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара шракәу
Биӡина Иванишвили - Жьҭаара 4 рзы зегьы идҳарбар ҳалшоит ҳақәԥара алхырҭақәа рышҟа анеиреи, зхы иақәиҭу алхра аҟаҵареи, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара шракәу

Жьҭаара 4 рзы зегьы идҳарбар ҳалшоит ҳақәԥара алхырҭақәа рышҟа анеиреи, зхы иақәиҭу алхра аҟаҵареи, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара шракәу, – иазгәаҭоуп апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” пату зқәу ахантәаҩ Биӡина Иванишвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

Иванишвили иҳәамҭаҿ ишану ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз аихьӡарақәеи урҭ рыхьчареи рганахьала, жьҭаара 4 даҽа ԥышәаракны иҟалоит.

“Иҳаҩсыз 13 шықәса ирылагӡаны “Ақырҭуа гәахәтәы” амаз аихьӡарақәа рыбжьара зегь реиҳа ихадоу абри ауп – агәыԥ ахҭысқәеи афактқәеи ахәшьара иаша рыҭара рҵеит. Ауаажәларреи ҳареи ҳаицызҳаит, ииашоу анализ аҟаҵара рҵеит.

Ақырҭуа жәлари ҳареи ԥасатәи анапхгара ирымаз абџьар хада қәҿиарала анеитрализациа ҳалшеит  – усҟан ашкәакәа еиқәаҵәоуп ҳәа, аргылара аилаҳароуп ҳәа, абзиара ацәгьаропу ҳәа анаадырԥшуаз. Иара убас, ажәлари ҳареи, ԥасатәи амчра адемократиоуп ҳәа, адемократиа адиктатуроуп ҳәа ззырҳәоз, имцу либералтә идеологиа анеитрализациа ҳалшеит.  Иахьа ҳара еилыкка еилаҳкааит атәым мчқәа ҳацхраара ишрышьҭам; зегьы рхатә интересқәеи ргәазыҳәарақәеи шрымоу.

Ҳара аӡәгьы апартниорра мап ацәаҳкӡом, аха уи ҳтәыла асуверенитет арԥсыҽра, Қырҭтәыла аексплуатациа ала иҟамлароуп. Ҳара аусеицуреи аиҩызареи ҩганктәи еизыҟазаашьақәа ҳрыдгылоит.

Жьҭаара 4 рзы даҽа ԥышәарак ҳазыԥшуп – ҳакзаара аиқәырхара, жәабран 1 азы алаҳарҵәаз аидеалқәеи, иҳамоу аихьӡарақәеи аиааирақәеи рыхьчара.