Берн аадыртит Қырҭтәыла раҧхьатәи адипломатиатә миссиа амемориалтә ҕәы
Берн аадыртит Қырҭтәыла раҧхьатәи адипломатиатә миссиа амемориалтә ҕәы

Қырҭтәыла раҧхьатәи адипломатиатә миссиа иазку амемориалтә ҕәы кырыдҵеит Берн,   Thunstarsse 2 амҩаҿы иҟоу ахыбраҿы.

Қарҭ ахадара апресс-маҵзура адыррала,   ари ахыбраҿы  1918-1920  шықәсқәа рзы аус ауан Қырҭтәыла  Адемократиатә Республика раҧхьатәи адипломатиатә миссиеи Қырҭтәыла апресса абиурои.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Берн ахада  Алек фон Граффенриди.  Дара атәылақәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рҵакы иалацәажәан,  ишазгәарҭаз ала,  Швеицариа Қырҭтәыла ахьыҧшымра азханаҵеит 1918 шықәсазы.

«Каха Калаӡе Берн иҟазаара сеигәырҕьоит,  избанзар,  Қарҭи Берни реиҩызара аҵакы ду амоуп. Ҳакәша-мыкәша иҟоу зегьы аҽаҧсахуеит,  аха,  аиҩызара наӡаӡа иаанхоит», — иҳәеит Берн ахада.