Беларусь Аштаб хада анапхаҩы ихаҭыҧуаҩ  - Мраҭашәараҿ ибзианы еилыркаароуп иарбанызаалак бџьарлатәи апровокациазы зыҧшра ҟамҵакәа иџьбараны  аҭак шыҟаҳҵо
Беларусь Аштаб хада анапхаҩы ихаҭыҧуаҩ  - Мраҭашәараҿ ибзианы еилыркаароуп иарбанызаалак бџьарлатәи апровокациазы зыҧшра ҟамҵакәа иџьбараны  аҭак шыҟаҳҵо

«Аимак ҟалар, аахара аҭыҧ хаданы иҟалоит Польшеи уи аинфраструктуреи», — иҳәеит  Беларусь Аштаб хада анапхаҩы ихаҭыҧуаҩ   Руслан Косыгин.

Беларустәи аинрал иҳәамҭала, Польшеи Балтиатәи атәылақәеи рҵакырадгьыл полигонс иҟалеит, уаантәи Америка, Урыстәылеи уи адгылаҩцәеи ирҿагыланы, ашьаарҵәыратә аимак аиҿкаара агәы иҭоуп.

«Аимак ҟалар, аахара аҭыҧ хаданы иҟалоит Польшеи уи аинфраструктуреи, лымкаала, аӡбарақәа ахьрыдыркыло ацентри, анапхгараҭаратә система аелементқәеи,  арбџьармчқәа ргыларҭеи, абазақәеи,  рекономикеи ринфраструктуреи рзы зҵакы дуу аобиектқәеи.  Ҳтәыла анапхгаҩы изныкымкәа ишиҳәахьаз ала, зыҧшра ҟамҵакәа аҭак раҳҭоит.  Арратә сценари ҟалар сҭахым,   аха, мраҭашәараҿ ибзианы еилыркаароуп иарбанызаалак бџьарлатәи апровокациазы зыҧшра ҟамҵакәа, иџьбараны  аҭак шыҟаҳҵо», — иҳәеит  Руслан Косыгин.