Бельгиатәи аполициа  Швециа ҩыџьа атәылауаа рышьраҿы гәҩарас изымаз ахаҵа дыршьит
Бельгиатәи аполициа Швециа ҩыџьа атәылауаа рышьраҿы гәҩарас изымаз ахаҵа дыршьит

Бельгиатәи аполициа хаҭарнакцәа Швециа ҩыџьа атәылауаа рышьраҿы гәҩарас ирымоу ахаҵа дыршьит.

Алаҵәара зауз адыррақәа рыла, ирхәыз ахаҵа ахәышәтәырҭахь даныргоз, амҩан дыԥсит, Бельгиа апрокуратура аинформациала – ацәгьоуҩы иԥсы ҭоуп.

Бриуссель аҭыԥ змаз ахысраан ҩыџьа ҭахеит. Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп араб бызшәала ицәажәо ахаҵа Анцәа ихьӡ ала ажәылара шымҩаԥиго.

Азакәанхьчаҩцәа рдыррақәа рыла, ацәгьоуҩы 45 шықәса зхыҵуа Абдеслам Ласуед иоуп, уи Бельгиа 2019 шықәсазы ахыҵәахырҭа иоуит. Тунистәи ахаҵа 2016 шықәса инаркны Бельгиа дынхон, аполициаа уи арадикализм адгылаҩ иеиԥш дырдыруан.