BBC – Аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа Украина иҭахеит  112ҩык ахәыҷқәа
BBC – Аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа Украина иҭахеит  112ҩык ахәыҷқәа

Аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа Украина иҭахеит  112ҩык ахәыҷқәа. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Би-би-си».

Адырра инақәыршәаны, Чернигов ақалақь аҿы аиқәырхаҩцәа ахаҳәрҟәарақәа рҟынтә аҭыргеит  ҩыџьа ахәыҷқәа рыҧсыбаҩқәа. Иҭахаз  — бжьышықәса зхыҵуаз еицциз ракәын.

Николаевтәи атәылаҿацә аҿы амина аҧжәараан дҭахеит  16 шықәса зхыҵуаз арҧыс.

Иҭахаз ахәыҷқәа ргәаларшәаразы  Львов агәҭаны идыргылеит ахәыҷтәы колиаскақәа.