Балтиатәи атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Киев иаҭааит
Балтиатәи атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Киев иаҭааит

Балтиатәи атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Киев иаҭааит. Ари атәы “Твиттер” аҿы ааицҳаит Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергис.

„Латвиатәи естониатәи сколлегацәеи сареи Киев ҳаҟоуп. Иахьа еиҭах аиҭашьақәыргылареи Украина Евроеидгыла алахәыла акандидат тәыла астатус анашьареи ҳрыхцәажәоит. Ишәҭуа Киев иаҳгәаланаршәоит атәыла аԥеиԥш бзиа шазыхиоу”, – иҩит Ландсбергис.

Балтиатәи атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Украина ахада Владимир Зеденски дырԥылеит.

„Балтиатәи атәылақәа аибашьра ианалагаҵәҟьа Украина адгылара азаадырԥшит, бџьарла, адипломатиатә хымҩаԥгашьала. Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ева-Мариа ЛЛимтеи, Латвиа Адәныҟатәи асқәа рминистр Едгарс Ринкевичи, Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергис авизит азы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Ақәаӷәӷәара мацара акәымкуәа, асанкциақәа рганахьала аидгылара аҵак ҷыда амоуп, агрессор Украина аганахьала ацәгьауратә аибашьразы афинансқәа рыԥшаара алшара имамзароуп”, – иҩит “Феисбук” аҿы Зеленски.