Бачуки Қардава 54 шықәса ҵихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит.
Бачуки Қардава 1989 шықәса инаркны «Амилаҭ-демократиатә партиа» далан.
1991 шықәсазы «Амилаҭ-демократиатә партиа» ахантәаҩы Гьаргь Ҷантуриа иаппарат напхгаҩыс дыҟан.
1996 шықәсазы ари апартиа акомитет хада далалеит, иара убас, апартиатә газеҭ «Ақырҭуа хроника» редакторс дыҟан. 2003 шықәса ҧхынҷкәын инаркны «Амилаҭ-демократиатә партиа» дахантәаҩын.
2020 шықәсазы, алхратә блок: «Иаку амилаҭтә ҵысра — иеиду аоппозициа» аҟынтә Қырҭтәыла апарламент 10-тәи ааҧхьара депутатс дыҟан.