Баҭым ахадара аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аподиезд ахьеилаҳаз акорпус ишеибгоу иқәхтәуп
Баҭым ахадара аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аподиезд ахьеилаҳаз акорпус ишеибгоу иқәхтәуп

Баҭым ахадараҿы иҟоу афинанстә маҵзура анапхгаҩы  Эднар  Натариӡе иҳәамҭала, аподиезд ахьеилаҳаз анхарҭатә корпус ишеибгоу иқәхтәуп

Иара иажәақәа рыла, аекспертиза алҵшәақәа идыруп.

«Аподиезд ахьеилаҳаз акорпус ишеибгоу иқәхтәуп. Сара аекспертиза алҵшәақәа здыруеит. Убри аҟынтә, акорпус ақәхратә усурақәа ирзоуҳашьҭуеит миллионбжак лари. Ҳара Сакребуло аилатәараҿы ари азҵаара иқәҳаргылеит. Хара имгакәа акорпус ақәхра ҳалагоит», — иҳәеит  Эднар Натариӡе.

Акорпус иҩноу  55 ҭаацәара ауадақәа рырҭоит, иара убас, аҧаратә компенсациа азҵаарагьы иахәаҧшуеит. Иахьа ақалақь ахадара ахаҭарнакцәа акорпус иҩноу ауааҧсыра ирҧылоит.