Баҭым аоперациа ҷыда мҩаԥысуеит
Баҭым аоперациа ҷыда мҩаԥысуеит

Баҭым аилахәыра “Метро сиҭи” асасааирҭа-нхарҭатә корпусқәа рааигәара аоперациа ҷыда мҩаԥысуеит. Афинанстә полициа аусԥшааратә маҵӡура аусуҩцәа ахыбра еимырдоит.

Асасааирҭа ашҭаҿ аусуҩцәа гылоуп. Урҭ ражәақәа рыла, аимдара амзыз рыздырӡом.

“Метро сиҭи” адиректор Руль Кахаӡе ишааицҳаз, аӡәгьы даанкылам.

Аоперациа  ҷыда иадҳәаланы алфициалтә алкаақәа ҟарымҵаӡацт.